Амцарцәаратә-ахархәаратә спорттә усмҩаԥгатә ахь машәыршақә ахәаԥшҩыс имҩахыҵны здунеихәаԥшышьа зыԥсахыз аиурист, иахьа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Гагра араион ахьчаразы амцарцәаратә-аиқәырхаратә гәыԥ иахәҭаку, 25 шықәса зхыҵуа Асҭамыр Матуа иаҳзеиҭеиҳәеит, изанааҭ хада аасҭа амцарцәара еиҳа изеиӷьеишьаз атәы.