Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Адунеизегьтәи адекларациа адкылара 70 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аҟәа имҩаԥган астол гьыжь Аԥсны аомбудсмен иофис аҿы ԥхынҷкәын 10 рзы. Ауаҩытәыҩса изинқәа рганахь ала Аԥсны ауааԥсыра проблемақәаны ирымоуи урҭ шаԥырхуеи ртәы шәаԥхьарц ишәыдаҳгалоит Sputnik аматериал аҿы.