Асабша ахәылбыҽха Очамчыратәи амцарцәаҩцәа адырра роуит Март 4 амҩала ахатә ҩны алҩа ахылҵуеит ҳәа.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Станислав Амҷба Очамчыра араион напхгара азиуан 2020 шықәса лаҵарамза инаркны 2021 шықәса жәабранмзанӡа.