Ауаҩи аԥсабареи аҵыхәтәантәи аамҭазы рхеибарҭәаара маҷхеит, ауаҩы схы иабасырхәари ҳәа ауп еиҳарак дхыцуа дшалагаз, дызлахәаша акәымкәа. Аха Саида Жьиԥҳа дызҭааз Лӡаа ақыҭанхаҩы Ерик Џьакониа аԥсабара дацхраауеит - инапала ииааӡо абнакәытқәа Лӡаатәи абнақәа ирылаиҵоит.