Аԥсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа, XIX ашәышықәсазы зыԥсадгьыл иаҟәыгахаз ҳажәлар рхылҵшьрақәа атәым дгьыл аҟынгьы рҵас, рқьабз, рбызшәа рхадыршҭуам, уимоу, бираҟҵас рыԥсҭазаара иагәылган иааргоит. Ишәыдаагалоит змилаҭ рдоуҳатә культура ныҟәызго Шьанур Аҭрышԥҳа лыҿцәажәара.