СССР-и, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа рхеилак алахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Платон Бебиа иԥсҭазаара далҵит цәыббра 26 рзы.
Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апремиера аус шадыруло, акарантин аамҭазы русушьа шеиҿкаау атәы.
Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟалҵеит аԥсшьаҩы иԥшәмаԥҳәыс, амҽыша, цәыббра 26 асааҭ 11:38 рзы.
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца" иалахәын Аԥснытәи аҟазацәа 20-ҩык, иара убас Урыстәылеи, Белоруссиеи рҟазацәа.
"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" реилахәыра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроуи, ҳазҭоу ашықәс азы шаҟа гектар аӡахәа еиҭарҳараны иҟоуи, апандемиа раалыҵ аҭира ишаныԥшызи ртәы.
Ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак ҳрызхьалырԥшуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа азутәуп, апрезиденттә ҳәынҭқарраҟынтәи апарламенттә ахь ииастәуп ҳәа иҟоу агәаанагара ахҳәаа азиуеит, ихатәы зхәыцшьа ҳадигалоит аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Sputnik аколумнист Беслан Ҳагба.
Арҭ амшқәа рзы ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Аихамца" мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҟны. Уи иалахәу 14 шықәса зхыҵуа Шамиль Апба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажьира иара изы ҵакыс иамоу атәы.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.
Абоксиорцәа реицлабрақәа ирылахәын 20-ҩык арԥарацәа Урыстәылатәи Афедерациа 27 регион рҟынтәи.