Аԥсны аусура иалагеит аинтернет-портал згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷы дызмоу аҭәаацәарақәа рыцхырааразы, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" анагаӡаратә директор Мактина Џьынџьал-ԥҳа.
Аицлабра мҩаԥысуан Шәача аҽазыҟаҵарҭатә центр аҵаазы аспорт ҩны "Айсберг" аҟны
Аԥшьаша ахәылбаҽха цәыббра 2 азы, аԥшаа ӷәӷәа иасыз Гәдоуҭа ақалақь Гарцкиа имҩаду аҟны игылоу аҩнеихагыла ахыб ахнашәеит.
Очамчыра араион аҿы еиҿкаау Абжьыуаа рыҳәса рхеилак ахантәаҩы Порцхол-оглы Алла арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы инхо аҳәса хықәкыла ирзеиҿкааз апроект атәы.
Аррамацзурауаа ҩ-мчыбжьа ирылагӡаны ирылшеит шә-километрак ашьха ахыкәшареи, аа-шьхак рхыҵреи, быжь-ҵааршәыки ашьха ӡыхьқәа хԥа рырсреи.
Иахьатәи апандемиа аамҭазы аҿкы аҽацәыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иахьынӡанарыгӡо дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Урыстәылатәи аҟазацәа акомпиутертә томограф ахәҭа иԥхасҭахаз аҿыц ала ирыԥсахит, уи иақәхарџьхеит х-миллионки фышә нызқь мааҭ аԥара.
Ирацәаҩума иахьазы атәыла аԥсҭазаара иалахәу амигрантцәа, ҳекономика ишԥаныԥшуа урҭ рыҟазаара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кур-иԥа.