Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ашколқәа зегьы рышә аартра иахьынӡазыхиоу, арҵаҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу атәы.
Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ргәы рҽанырҵоит, ирабжьыргоит амшынԥшаҳәа, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц.
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә хылаԥшырҭа анапхгаҩцәеи ареспублика араионқәа рхадацәеи аицыӡбамҭа рыдыркылеит аҽыкәабаратә аамҭа аркразы.
Ҩыџьа аҵаҩцәа ран Илона Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷы ашкол ахь еидкылара иацу акәамаҵамарақәа ртәы, насгьы уи ахарџь шаҟа аҭаху.
Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа ахара рыдҵоуп хыԥхьаӡара рацәала агорманалтә хәшәқәа рӷьычра иалахәуп ҳәа.
Рашәара 28 азы Аԥсны иахьаҵанакуа уахынла алашара ҩба-ҩба сааҭ арцәара аамҭеихшара алагалан.
Ахысрақәа ирылахәын 500-ҩык ААО артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 ак арратә техника.
Аҳауатә цәаҳәа "Бзыбь" иҟалаз амашәыр ашьҭахь уахь инеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.
Аҟәатәи 13-тәи ашкол аиҳабы Лариса Кәыбраа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аӡхыҵра ашкол ианаҭаз аԥхасҭа ашьҭахь аҵаратә процесс алагара иахьынӡазыхиоуи, арҵаҩцәа COVID аҟынтә алаҵа аҟаҵара ишазыҟоуи атәы.
Аҟәа Адыгаа рымҩала иҟоу ажьирауацблокқәа ахьыҟарҵо ауасҭарҭаҟны амашәыр шыҟалаз азын адырра ҟалеит нанҳәа 30 асааҭ 21:30 рзы.
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысуеит жәанызқь транспорт хархәагеи ханҩажәа нызқь-ҩык ауааԥсыреи.
Тҟәарчали Тҟәарчал араиони аамҭақәак лашарада иаанхеит ицо аусурақәа ирыхҟьаны.
Жьҭаара 1 адунеи аҟны иазгәарҭуеит зықәрахь инеихьоу ауаа Жәларбжьаратәи рымш. Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru еилнакааит 60 шықәса ирҭысхьоу ауаа ҭагалан аԥсшьара ҳәа иахьцо аҭыԥқәа.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы аҵарашықәс алагара азҵаара аӡбара аус шцоз, насгьы иахьа аҵарадырра асистема иамоу ахьысҳарақәа ртәы.
Нанҳәа 15 - 16 рзы Аҟәа ақәаршҩы ӷәӷәа леит, аҳҭнықалақь агәы, Турбаза араион, амҩақәа аԥхасҭа ӷәӷәа роуит.