Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22770-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18205-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 323-ҩык.
Аԥсуа-адыга еибашьыга шхәа ареплика ддырбеит Маиҟәаԥ, Мрагылара амузеи аҿы нанҳәа 4 рзы.
Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ачымазараҿкы аганахьала ақыҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроуи, амшцәгьақәа иҟарҵаз аԥхасҭеи, идыргыло ашьапылымпылтә дәыи ртәы.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәсазы.
Быжь-ҳәынҭқаррак Урыстәыла ахь аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыр алыргарц. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.
Оҭар Лакрба Аԥсуа телехәаԥшра аҟны аус иуан 30 шықәса инеиҳаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
"Аџьаусшәҟәқәа рыбланкқәеи рыгәлаҵақәеи рыҭира аԥҟараз" ақәҵара апроект рыдыркылеит нанҳәа 5 азы Аминистрцәа реилазаараҿ.
Аибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан архивтә ҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "2021 шықәсазы агәабзиарахьчара, аҵара, аҭҵаарадырра, акультура, асоциалтә маҵзура русхк аҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориа хадақәа рулафахәы ацҵаразы" апроект рыдыркылеит.
Аслан Бжьаниа атәыла ахада иҳасабала Аахыҵ Уаԥстәылаҟа раԥхьаӡа акәны имҩаԥигоит иусутә ныҟәара.
Анацәа рхеилак Гәылрыԥшь араионтә ҟәша ахантәаҩы Раиса Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID -19 шылхылгази, Очамчыра араионтә хәшәтәырҭаҿы ачымазаҩцәа рыхәшәтәразы иҟоу аҭагылазаашьеи ртәы.
Ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәаразы аусурақәа мҩаԥгахоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа инақәыршәаны.
Нанҳәа 4 аахыс абылтәҭаҭәарҭақәа жәпакы рҿы абылтәы аҭира аанкылан. Ари ауааԥсыра рыбжьара ахҳәаа рацәеи агәаранқәеи цәырнагеит.
2021 шықәса цәыббра 1 инаркны 2022-2023 шықәсқәа рызтәи Урыстәыла Аиҳабыра рыквотала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аҭаҩра иалагоит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳәара иахаҵгылеит.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22642-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18189-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 320-ҩык.
Ацитрус иаԥырхаго аԥарԥалыкь ықәызго абжы криптоламус ахархәара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа.
Урыстәылатәи аспелеологцәа ргәаанагарала Веревкин иҳаԥаҿыарыцҳара ҟалазар ҟалоит 2020 шықәса аԥхын ма ҭагалан.