Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15006-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14025-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 226-ҩык.
Едуард Быҭәба Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵан аҩаша лаҵара 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны.
Ҳаԥсуа литератураҿы Баграт Шьынқәба иҟаиҵаз хәызмаӡам алагала атәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, акыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аҭыԥантәи аалыҵ аарыхра знапы алакуи аԥсшьаҩцәа здызкылои рыбжьара иахәҭоу аимадара шыҟам атәы.
Апальма хызшьаауа ахәаҷақәа злоу аҵлақәа еиқәурхар ҟалоит иҷыдоу аинсектицидқәа рықәҭәазар.
Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала ашьхарахь идәықәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Аха амшцәгьа иахҟьаны еиҵахеит. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала илбаарц ишаҿу.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыги апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынбеи, арадио Sputnik аефир аҿы атуристтә хырхарҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа амассатә информациатә хархәагақәа иахьынӡарныԥшуа атәы ргәаанагара еибырҳәеит.
Константин Озган Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дадепутатын, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, адәныҟатәи аусқәа рминистрс, аекономика аминистрс, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩыс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәса рзы. Қырҭтәыла урҭ азханаҵарц агәы иҭаӡам.
Атуристтә форум апрограмма хада мҩаԥысуан Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ҩымш ирылагӡаны - лаҵара 13-14 рзы.