Гәылрыԥшь араион аҿари аспорти русқәа рзы аилак аиҳабы Аслан Какалиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аҿар раамҭа бзианы ирхыргарц азы иазгәарҭо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Аԥсны зынӡа ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 202-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә 78-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Изеиԥшроузеи иахьазы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аҭагылазаашьа, иадҵаалома уи аволонтиорцәа? Арадио Sputnik аефир аҟны абри атәы еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араионтә хәышәтәырҭа амедицинатә еиҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иҭалоз атәылауаҩ агәҽанҵара иҭан аҵарҭыша аҭаразы аҭакԥхықәра шиқәшәоз азы.
Уззыԥшӡамкәа иҟалар зылшо имариам аҭагылазаашьақәа раан иаку аволонтиортә еиҿкаара аԥҵара ахьынӡацхыраагӡахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит агәыҳалаларатә фонд "Ашана" анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аруаа амцарцәаратә командеи Гәдоуҭа араион аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи еинырны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.
Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы асанитартә-епидемиологиатә маҵзура иҟанаҵаз абжьгарақәа ахҳәаа риҭеит, иҳәеит онлаин аҵаразы ҳтәылаҿы лшарақәас иҟоу.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳаи ашколқәа рдиректорцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.