Тҟәарчал араион аҿы иҟоу АҶА аҟәша аиҳабы Едуард Аршба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амцарцәаратә ҟәшаҿы аусура шеиҿкаау, насгьы ауааԥысра рҟнытә ироуа азыҳәақәа ртәы.
Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа.
Аҵлақәа ркульт ҳажәлар рытрадициатә культураҟны ҭыԥс иааннакыло, зымшьҭа бзиоу ма ицәгьоу ҳәа ирԥхьаӡо аҵлақәа арбану арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы официалла аԥкырақәа аԥырхит нанҳәа 1 азы.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ливан иҟоу аҭагылазаашьа ишазҿлымҳау атәы.
Нанҳәа 4 рзы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" аконцерт. Акарантин аамышьҭахь раԥхьатәи аконцерт шымҩасыз шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.
Аицлабра "Swim Sukhum" Аԥсны хышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи, иара еиднакылоит ҩ-спортхкык: аҩреи аӡсареи.
Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы ргәабзиара агәаҭаразы амедико-санитартә хылаԥшра иахысроуп.
Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа ахьҿарҵо амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара аҭҵаара мҩаԥнагеит Урыстәылеи Аԥсни аԥсшьаразы иахьеиӷьу аекзотикатә қалақь аилкааразы.
Аԥсны Ашьауӷатә закәанеидкыла инақәыршәаны, аԥаршеиӷьычраз фышықәса инаркны жәашықәсанӡа уқәырҵоит умазарагьы умхны.
Ашьапылампыл азы Аԥсны 27-тәи ачемпионат мҩаԥгахоит ҩ-еикәыршаракны, быжьба-быжьба тур рыла.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 107-ҩык. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Гәдоуҭа араионтә хәышәтәырҭа амедицинатә еиҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа шаҟаҩы ачымазцәа рзышьҭоу, русура иахьазы ишеиҿкаау.
Урыстәыла "Главгосэкспертиза" анапхгара ирацәажәоуп Аԥснытәи аҟазауаа арҵаратә центр аҿы аргылара аусхк аганахьала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргарц.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр лыцхырааҩ, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара иацклаԥшуа Оксана Гусева еиҭалҳәеит Урыстәыла Аԥсны иацхраар шалшо акоронавирус аиааираҿы.