Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.
Хәажәкыра 2 рзы Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит. Абри ашьҭахь иара уатәи аклиникақәа руак ахь днаган.
Гал араион аҵара аҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҭоурых азы араионтә школқәа рыбжьара имҩаԥгаз аицлабра атәы, насгьы ашколқәа рҿы ари амаҭәар азы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект адкыларазы.
Аслан Бжьаниа Краснодарҟа асанитартә авиациа иатәу авертолиот ала днагоуп шәачатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи.
Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа атәы еилкаахаанӡа, ацентртәи араионтәи штабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡои Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩи ҭелла еицәажәеит Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәача ахәышәтәырҭа данҭашәаз ашьҭахь.
Аслан Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диаргоит. Раԥхьа иара Шәачатәи ахәышәтәырҭа иаалырҟьаны дҭашәеит, Аԥсныҟа амҩа дшықәыз.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ҭырқәтәыла имҩаԥыргаз аиԥыларақәа ртәы.
Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит, уажәазы уи Краснодартәи аклиникахь ииагара азҵаара рыӡбоит.
Аслан Бжьаниа игәабзиара ашәарҭара иҭагылоуп, уи Краснодартәи ахәышәтәырҭахь ииагара азҵаара рыӡбоит.
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит хәажәкыра 2 рзы.
Асааҭ 16:00 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ареспублика Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа реилатәара мҩаԥигоит.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахеилак асаит аусура ахықәкы хада атәы.
Фазиль Искандер имшира иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Ҟабарда-Балкариа, ауаажәларратә еиҿкаара "Акультуратә ҭынхеи аҿиареи ринститут" аԥшьгарала.
2007 шықәса раахыс Аԥсны ашьразы ахьырхәра аморатори ахьаԥҵаз азы анаркотикқәа рыларҵәараз ашьра ԥсаххоит ԥсраҽнынӡа аҭакрала.
Аҟәа араион ахада Валери Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Шыцкәара аҳаблаҿ адгьылҳәазара иахҟьаны ибгаз амҩа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 1 - 29 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ақәаршҩы алеира иахҟьаны Аҟәа араион Аҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуа хәажәкыра 1 азы амҩа ахәҭак ҳәазеит.
Афотоцәыргақәҵазы аматериалқәа Аԥсны Раԥхьатәи ахада изку Ахьӡ-аԥша амузеи ахь инаргеит Владислав Арӡынба иҭаацәа.