Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы абҵара 8, 9, 15 рзы идырбахоит Карл Гальдони иҩымҭала ақәыргыламҭа "Кьоџьаа рҭыӡшәа". Аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ароль хада назыгӡо Аманда Кәарацхелиаԥҳа.
Казань имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль иалахәхоит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа "Амаҭқәеи ажьақәеи". Актиорцәа ргәалаҟазаареи, Казань ахьынӡаргәаԥхази, ишырԥылази ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥсуа театр актриса Хьыбла Мықәԥҳа.
Аԥснытәи амузыкантцәа Марина Шамԥҳаи Алла Оҭырԥҳаи рконцерт мҩаԥган Нижни Новгородтәи Михаил Глинка ихьӡ зху аҳәынҭқарратә консерваториаҿ. Аконсерваториа асценаҿ инагӡан ауарӷани афортепианои рҿы аклассикатә музыка арҿиамҭақәа.
Египет атәылауаҩ дааныркылеит аҳәынҭқарратә ҳәааҿ абӷьыц зынжәаз атәылауаҩшәҟәы анцәырига ашьҭахь.
Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәазы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы аусура шцо атәы.