Жьиаа рыжәла аҩраҿы ҩ-вариантк аҟазаара зыхҟьо ҳәа еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп, убарҭ дырзааҭгылеит Саида Жьиԥҳа - ажәла ныҟәызго рзы зегь акоуп уи шырыҩуа, аишьцәа рыбжьара анбан "А" ԥынгыла ҟанаҵом ҳәа зыԥхьаӡо.
Аҟәа ахақәиҭтәра амш 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Астихиатә ҟазшьа зманы ана-ара ишьақәгыло агәамсам еизгарҭақәа аԥсабара шаҟа ааха арҭои, ацқьара акультура ишазааитәуи дазааҭгылеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рлахьынҵа еснагь гәыҵхас измаз, забацәа рџьынџь дгьыл ахь нхара аара зылзыршаз Шьандуан Ажәанба ара дшыҟаз ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шихьӡаз. Убри ианаркны иахьа уажәраанӡа иуаажәлар дрылагылан, бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчеит, фырхаҵарыла иуалԥшьа наигӡеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ацҳа Ҟаԥшь аҟны аӷацәа ирымхыз атанк гәыԥҩык арԥарцәа ишышьақәдыргылаз, нас аус шадыруыз атәы арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа изеиҭеиҳәеит Алхас Ҭаниа.
Цәыбррамза 16 рзы излагаз Аҟәа агаразы ажәыларатә операциа шхацыркхаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьцәа рыштаб актәи абригада аиҳабы, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор Закан Нанба.
Жәлар Реизараҿы актәи аԥхьарала адгылара зырҭаз азакәан "анаркотикатә маҭәашьарақәа зҭиуа наунагӡа аҭакра иқәҵара" азҵаара иалацәажәан адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.