Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Тамила Арышԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны илҳәеит ахәыҷқәа аԥсуа абызшәа дырҵара, агәыбылра дыркра иадҳәалоу апроектқәа рацәаны ишрымоу, аха аԥара аҟамзаара иахҟьаны урҭ рахьынтә иахьа аус зуа шмаҷу.