Хәажәкыра 3 инаркны ақьырсиан динхаҵаҩцәа зегьы рзы иалагоит ачгара ду. Аҧсуаа рытрадициаҟны ишаҧу ала, ачгара ианалаго инаркны ихацыркхоит Аиҭар-Бжьеиҭар иаҵанакуа аныҳәарақәагьы. Кәацла-бысҭала ҳәа иҟарҵо раҧхьатәи аишәаргылара атәы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.