Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа Дәрыԥшь ақыҭан зҽаҩра ҭазгалоз анхацәа дырҭааит, ажь зҭаауаз дрыцхрааит, лџьабаа алҵшәагьы агьамагьы лбеит. Изеиԥшроузеи дәрыԥшьаа сынтәа рҽаҩра, насгьы рнапы злаку аус шрықәманшәалахо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит.