Иури Гәдиса-иԥа Аргәын диит жьҭаара 30, 1938 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, аетнограф, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы… Ирацәоуп ари ауаҩ ихҳәааны иҳәатәу. Иахьа иара иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵыр акәын.