Жәлара зыхӡыӡаауа, наџьнатә аахыс изымҵаныҳәо, абла ҷыц еиԥш изхәаԥшуа жәҩантә цәырҵраны иҟоуп амреи амзеи. Жәаҳәарада, уи зыхҟьоз амра – ԥсҭаҵаган, ауаа аԥхарра рнаҭон, адгьылқәаарыхра зыҟаломызт иарада. Амза акәзар, уахынла адгьыл иқәыҷҷон, аныҟәаҩцәа амҩа днарбон – имҩақәҵаган.