Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акоманда, Лондон имҩаԥысран иҟоу ConIFA ачемпионат алахәхаразы авизақәа роуит. Акоманда уажәы иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа хаҭала дзыҿцәажәаз еизгоу Аԥснытәи акоманда алахәыла Лаша Коӷониа.