Абызшәаҭҵааҩ, аиҭагаҩ, зыԥсҭазаара зегьы астудентцәа рааӡареи аҵарыдырреи ирзызкыз, Владимир Касланӡиа иԥсы ҭазҭгьы мшаԥы 17 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса. Аԥсуа интеллигент ҳәа ззуҳәо иакәны дыҟан иҳәеит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иван Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.