Аԥсны ахьчара анаҭахха аамҭазы Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Зульфи Ачузба иахьа уажәраанӡагьы ара дынхоит, насыԥ змоу ҳәа ихы иԥхьаӡоит. Иара дхәыҷы аахыс бзиа иибоз азанааҭ азы адыррақәа ирҳаит иԥсадгьыл аҿы, илахьынҵа ицныҟәеит ҳәа агәаанагара имоуп. Зульфи Ачузба иҭоурых Сырма Ашәԥҳа лынҵамҭаҿы.