Хыԥхьаӡарала ифбатәиу арт-маркет мҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәазы, хәажәкыра 8 рзы, иара иалахәхар рылшоит изҭахны иҟоу зегьы, лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны арт-маркет алахәыла, Аҟәатәи латәаратәи-латәарадатәи ашкол адиректор Ирма Адлеиԥҳа.