Аҭоурых-ҭҵааратә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҳәынҭқарра аҭҵаарадыррақәеи Адыгатәи жәларбжьаратәи ракадемиақәа ракадемик, "Ахьӡ- аԥша" актәи аҩаӡареи Аԥсны Афырхаҵеи ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵоу, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори –иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 аҽны, 2010 шықәсазы.