Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара жәа- шықәса ахыҵреи разгәаҭара аҽазыҟаҵара знапы иану акомиссиақәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.