Мариинтәи атеатр аоператә шәаҳәаҩы Георги Ҭодуа иконцерт мҩаԥысит Галтәи Акультура Ахан аҟны ажьырныҳәа 24 рзы. Ҭодуа иконцерт ашьҭахь ақырҭуа ҭыжьымҭа аинтервиу анеиҭоз иҳәеит иара абри аконцерт амҩаԥгаразы ихатәы зыҳәа шықәиргылаз: қырҭшәала ашәаҳәара азин иоурц.