Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.