Бишкек, Карасев ихьӡ зху агуманитартә университет аҿы имҩаԥысит "XXI ашәышықәсазы СНГ ШОС ртәылақәа рбызшәеи ркультуреи реиҿцәажәара" захьӡу XIII жәларбжьаратәи афорум. Афорум алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны дырзааӷылеит Аԥсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.