Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы Циала Ҷкадуаԥҳаи ансамбль алахәыла Алика Ӷәарзалиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны Аԥснытәи акәашаҩцәа хәыҷқәа иаадырԥшыз ақәҿиарақәа ртәы.