Ачымазара ҿкы Аԥсны иалаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны аиҳабыра иаларгалаз акарантин инамаданы ирацәаҩхеит зқыҭақәа рахь ицаны, уажәы ааԥынра злаҟоу ала, зҵакырақәа рҟны ихандеиуа ауаа. Убас, Sputnik аколумнист Сырма Ашәԥҳа адгьылқәаарыхра ҩаԥхьа лнапы алалкит.