Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13072-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12520-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 204-ҩык.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничествеи еиҿыркааит Хәажәкын ныҳәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Аҟәа.
Хәажәкыра 13, 1904 шықәсазы диит апоет Иуа Коӷониа. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа апоет гәлымҵәах игәалашәара иазикит.
Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартамент аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Марттәи ажәылара иазку апроект шеиҿкаахо атәы.
Аԥсны иазоужьу аквотақәа рыла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа иҭалар зҭаху акандидатцәа рҭаҩра аплан Россотрудничество асаит аҟны икьыԥхьуп. Акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥысуеит хәажәкыра 15-нӡа.
Ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа дызлахәхо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥысоит Казань, хәажәкыра 10 инаркны 17-нӡа.
Амҩаду аҟны ашәарҭадара аԥызҵо азакәанеилагаҩцәа рзы иазԥхьагәаҭоуп хымз инаркны фымз рҟынӡа аныҟәараз азин рымхра.
Аботаникатә баҳчаҿы аӡыншьҭахь аҭааҩцәа рыбла аргәырӷьартә анхамҩеиҿкааратә усқәа рынагӡара иаҿуп, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абаҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчал араион аҿы усутә ныҟәарыла дыҟан, уа лара даҭааит Бедиа ду ақыҭаҿы ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ.