Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рҽазыҟаҵара шцо.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12908-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.
Жәабран 24 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартын аиндаҭларахь инагаз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Иахьа ашәҟәыҩҩ Адунеизегьтәи имш ныҳәоуп. Апоет, ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәша аредактор Дырмит Габалиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит арҿиара знапы алаку иахьатәи илшарақәа, аҩымҭа аԥхьаҩцәа рацәаны иамазароуп ҳәа агәаанагара дшазыҟоу.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Москва аиԥылара мҩаԥыргеит хәажәкыра 3 рзы. Аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәа.
Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин диит хәажәкыра 3, 1966 шықәсазы. Иахьа иара 55-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит.
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Аԥсны ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ Бенур Қәиараиа иумҭа иақәыӡбарц имҩаԥгаз амитинг азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура аофициалтә дырра ҟанаҵеит Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дышцаз азы.
Афольклор-етнографиатә материалқәа рыла ажәлақәа рцәырҵра ахьынтәиаауа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Авиацәаҳәа ҿыц Шәача-Нальчик хацыркхоит рашәара 2, 2021 шықәса инаркны. Аԥыррақәа мҩаԥнагалоит авиаеилахәыра "Руслаин"
Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 24-25 рзы.
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.
Хәажәкыра 4, 1921 шықәса рзы Аԥсны асовет мчра шьақәгылеит, хәажәкыра 31, 1921 шықәсазы ишьақәгылеит Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә республика.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа иреиӷьу алкааразы иаартуп онлаин-бжьыҭира. Хшыҩзышьҭра зҭатәузеи апроект алхраан, абри азы игәаанагара арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аскульптор Амиран Адлеиба.
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аҳасабырба-алхратә конференциа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 2 рзы.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза аныҳәамшқәа раан аиагара акыр иахьеиҳахаз инадҳәаланы аҳазалхратә закәанԥҵарақәа реилагарагьы иацлеит.