Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа жәабран 23 рзы Аԥсны ахада иҿы Ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы имҩаԥгаз аизара дахцәажәо, иаалгоит Таиф Аџьба ицәаҳәақәа: "Аизара еизароуп, уанеиза – иуӡбароуп, иануӡба – инаугӡароуп, егьи зегь - барбарроуп".
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12777-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12112-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 197-ҩык.
Аҵәахырҭатә банк Пицундатәи аҟәша аиҳабы Алиса Пандалион арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҵәахырҭатә банк Пицундатәи аҟәша аусура шеиҿкаау атәы.
Ииасыз ашықәс хәажәкырамза алагамҭазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқаррахь акриптовалиута аиуразы амыругақәа ралагалара азин аанкылоуп 2021 шықәса рашәара акынӡа.
Аԥсны атуризм аминистрра ҳтәыла атуристтә бренд аус адуларазы аицлабрахь иаашьҭын 54 макет. Аԥсны атуризм азы аминистрра иалнакааит жәа-макетк, урҭ асаит ахь иқәнаргылеит.
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Марина Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ари амчыбжь азы зҵара еиҭахацзыркыз аиҳабыратә классқәа рҿы инеиз аҵаҩцәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рҿы аныҟәарақәа реиҭахацыркра рашәарамзазы иазԥхьагәаҭоуп. Убри аан 2020 шықәсазы абилеҭқәа ҿазҵаз 2021 шықәсазы рхы иадырхәоит.
Ахәаша, жәабран 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аӡымҩангагатә магистраль ҿыц иаҿаԥыршьуеит.
Жәабран 25 рзы лирамш азгәалҭоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳа. Аиубилиар лзы аирамш ҵакыс иамоу, аԥсҭазаараҿы зегьы ирыцку ҳәа илыԥхьаӡо, аҟазараҿы планқәас илымоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Аԥсны аӡынра усҟак аҽарӷьеҩӡом. Убас сынтәагьы агаҿа иахьаҵанакуа асы маҷк ауп иахьықәнарҳәҳәаз, ашьхарақәа иахьрыԥну еиҳа иауит. Шәахәаԥш Sputnik ишәзеизнагаз сынтәатәи аӡын афотосахьақәа.
Ииасыз ашықәс хәажәкырамзазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. Абри атәы Sputnik аматериал аҿы.
Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аизараҿы. Аиқәшәара иалахәын аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Бадра Гәынба еиҭеиҳәеит ахеилак аԥҵара хықәкыс иамоу атәы.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рнапынҵатә мчрақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа агәҩара ыҟоуп. Апрокуратура хада абри азы аусҭҵаара хацнаркит.