Самара имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи апрактикатә конференциа "Белые ночи фандрайзинга" иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Урҭ руаӡәк, агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭалҳәеит русура арманшәалараз аконференциаҿы ахалархәра ирнаҭаз атәы.
Рашәарамза 24 иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын аԥсуа-аурыс поет, акиносценарист Иури Лакрба. Иара ипоезиа аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Денис Чачхалиа.
Аԥшьбатәи жәларбжьаратәи афестиваль "СУХУМ – АҞӘА JAZZ FEST" мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә филармониаҿ ԥхынгәы 3 - 5 рзы.
Рашәара 25 асааҭ 12:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы апресс-конференциа мҩаԥысраны иҟоуп "Гуманитарная миссия Международного Комитета Красного Креста в Абхазии: начало работ по эксгумации" атемала.
Аԥсуа режиссиор Аҭана Агрԥҳа лфильм "Бача" онлаин прокат ала ахәаԥшра алшоит акинофестиваль асаит аҿы.
Есышықәса аусхкырацәатә коллеџь аҿы рҵара хдыркәшоит 60-ҩык рҟынӡа, анаҩс дара ахьцо, насгьы ирымоума ауадаҩра аусурҭатә ҭыԥ аԥшааразы, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба.
Арубрика Оk, Sputnik аҟны Sputnik Аԥсны акорреспондентцәа аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵоит.
FCF-MMA аверсиала Напышьашәалатәи аиндаҭлараз адунеи ачемпионат мҩаԥысит Кисловодск, рашәара 23 рзы.
Изеиԥшрахозеи сынтәа аҽаҩра ацитрустәи егьырҭ ашәырхқәеи рзы, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа.
Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәоит, аимак-аиҿак зхылҿиаауа азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду" илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа. Урҭ апроблемақәа иаартны ирылацәажәоит.
Ашьапылампылтә академиа Unity Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа иахьыԥшымкәа еиҿкаауп. Иахьазы академиа ахгәыԥк рҿы аҵара рҵоит 34 спортсмен.
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит рашәара 24 - 30 рзтәи амчыбжь аҩнуҵҟа имҩаԥысраны иҟоу акультуратә уснагӡатәқәа рсиа.