"Аӡырга-хәаша", "Қәаб-ӷьарӷьар", "Баииа", "Чхадыл" - абас еиҧш иҟоу ақьабзқәа рыла ибеиоуп Амшаҧы ааира аҽазыҟаҵара иазку аҵыхәтәантәи амчыбжь. "Шәышықәса рышьҭахьгьы абри еицазгәаҳҭо Анцәа ҳнаишьҭааит!" ҳәа ирныҳәон рхы-рҭаацәа. Аира иасимволу акәтаӷьи амшаҧышәҭи рыла Аҩеиӡтә мҽышазы аҧсуаа имҩаҧырго Амшаҧныҳәа аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи ақьабзқәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.