Аекономика аминистрраҿы имҩаԥган афымцамч азы акомиссиа аилатәара афымца ахә ахызамшәаауа рызҵаарала. Аилатәараҿы излацәажәаз, насгьы, иҟаҵатәузеи ауааԥсыра рхы иадырхәо афымцамч азы аԥара ршәаларцаз, абари атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба.