Асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҿы имҩаԥысыз астол гьежь азкын акризис аамҭазы атәыла ауааԥсыра ацхыраара рыҭара. Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит асовет аамҭа иааӡаз ауаа иарбанзаалакгьы аус анагӡара ишацәыԥхамшьоз, иахьа ус еиԥш аҭагылазаашьа шыҟам.